Павел Герчински -  Қырҭтәыла Евроеидгыла ашә азаартуп, аиҳабырагьы аоппозициаагьы ашә аартызаара рхы иархәаны, ҧхьаҟацара нарыгӡап ҳәа сгәыҕуеит
Павел Герчински -  Қырҭтәыла Евроеидгыла ашә азаартуп, аиҳабырагьы аоппозициаагьы ашә аартызаара рхы иархәаны, ҧхьаҟацара нарыгӡап ҳәа сгәыҕуеит

 

«Қырҭтәыла Евроеидгыла ашә  азаартуп, Қырҭтәыла алшара ду азцәырҵит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински ажурналистцәа данрацәажәоз.

Ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала,  аиҳабырагьы аоппозициаагьы ашә аартызаара рхы иархәаны, ҧхьаҟацара нарыгӡап ҳәа дгәыҕуеит.

«Ҩ-зҵаарак азгәасҭар сҭахуп. Актәи – Қырҭтәыла Евроеидгыла ашә азаартуп. Қырҭтәыла европатәи аперспектива аиуит, шәтәыла алшара ду азцәырҵит.

Егьи азҵаара 12 абжьагарақәа рынагӡара иадҳәалоуп.  Аиҳабырагьы аоппозициаагьы ашә аартызаара рхы иархәаны, ҧхьаҟацара нарыгӡап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.