Павел Герчински – Қырҭтәыла аиҳабыра рзы афинанстә цхыраара аанкылоуп, ақырҭуаа евроинтеграциа амҩа анагӡара рҭахымхар, афинанстә цхыраара рцәыӡуеит
Павел Герчински – Қырҭтәыла аиҳабыра рзы афинанстә цхыраара аанкылоуп, ақырҭуаа евроинтеграциа амҩа анагӡара рҭахымхар, афинанстә цхыраара рцәыӡуеит

Қырҭтәыла аиҳабыра рзы афинанстә цхыраара аанкылоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Пвел Герчински ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, атәыла аиҳабыра рхырхарҭа рымҧсахыр, иаҳа ирацәаны ирцәыӡуеит.

„Иҳаҩсыз амчыбжь азы ацифрақәа цәыраагеит.  Қырҭтәыла  121 миллион адоллар Евроеидгыла ацхыраара ацәыӡит, уи уажәтәи ацхыраара мацароуп. Атәыла аиҳабыра рхырхарҭа рымҧсахыр, иаҳа ирацәаны ирцәыӡуеит.  Шәара, ақырҭуаа, шәыбжьқәа рыла, евроинтеграциа амҩа  нагӡатәым ҳәа ишәыӡбар, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара аҧхьатәи аамҭа иазку афинанстә цхыраара  ацәыӡуеит. Анеҩс,  Қырҭтәыла, Евроеидгыла аҿыц алахәылацәа ироуа аҧара зегьы ацәыӡуеит. Сара сполиакуп. Сынтәа ҳара Евроеидгылахь Польша алалара инаркны  20 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит. Евроеидгыла алалара абзоурала ҳтәылаҿ аиҭакра дуқәа ҟалеит. Евроеидгыла алазаара аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аҿиареи шәзаанагоит, аха, шәара шәоуп алхра ҟазҵаша. Шәара шәоуп шәтәыла аҧеиҧш зыӡбо“, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.