Павел Герчински - Қырҭтәыла аиҳабыра иаҳҭоз ишиашоу ацхыраара маҷхоит, уи ацынхәрас атәылауаҩратә уаажәларреи АИХқәеи ҳрыцхраауеит
Павел Герчински - Қырҭтәыла аиҳабыра иаҳҭоз ишиашоу ацхыраара маҷхоит, уи ацынхәрас атәылауаҩратә уаажәларреи АИХқәеи ҳрыцхраауеит

«Евроеидгыла алидерцәа Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрразы иалхыз 30 миллион евро арҵааразы аӡбамҭа рыдыркылеит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.

«Евроеидгыла алидерцәа Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрразы иалхыз 30 миллион евро арҵааразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Ари актәи шьаҿоуп, иашьҭанеиуа ашьаҿақәагьы ҟаҳҵоит.  Қырҭтәыла аиҳабыра аҳҭоз ишиашоу ацхыраара маҷхоит, уи ацынхәрас атәылауаҩратә уаажәларреи аихқәеи ҳрыцхраауеит.

Ари аӡбамҭа рыдыркылеит Лиуксембург имҩаԥгаз Атәым зҵаарақәа рзы ахеилак аилатәара аҿы», — иҳәеит Павел Герчински.