Павел Герчински иҳәамҭала, Европатәи ахеилак иахьатәи аилатәара аусхәаҧштә Қырҭтәыла азҵаара иалам
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински иҳәамҭала, Европатәи ахеилак иахьатәи аилатәара аусхәаҧштә Қырҭтәыла азҵаара иалам.
Уи аамҭаз, ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла азҵаара уезгьы иалацәажәоит.
„Иахьа, мшаҧы 17 рзы, европатәи алидерцәа Бриуссель еизоит, уаҟа Европатәи ахеилак аилатәара мҩаҧысуеит. Алидерцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭоу азҵаарақәа ирыхәаҧшуеит. Арҭ азҵаарақәа, бжеиҳарала, Евроеидгыла аҩныҵҟатәи ахҭысқәа ирызкуп. Қырҭтәыла азҵаара аусхәаҧштә иалам, аха, алидерцәа Қырҭтәыла азҵаарагьы иалацәажәар ҟалап ҳәа сгәы иаанагоит“, – иҳәеит Павел Герчински.
Атәыла ахада ладминистрациа адыррала, Саломе Зурабишвили Шарль Мишели Еммануел Макрони рахь ааҧхьара ҟалҵеит Европатәи ахеилак аилатәараҿы Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылацәажәарц.