Павел Герчински  - Ҳара OSСE/ODIHR  жәларбжьаратәи анаҧшцәа ицәырырго аихшьаала ҳазыҧшуеит, дара алхратә процесси алхрақәа рымҩаҧгареи иарҭо ахәшьара ҳазыҧшуеит
Павел Герчински  - Ҳара OSСE/ODIHR  жәларбжьаратәи анаҧшцәа ицәырырго аихшьаала ҳазыҧшуеит, дара алхратә процесси алхрақәа рымҩаҧгареи иарҭо ахәшьара ҳазыҧшуеит

Ҳара OSСE/ODIHR жәларбжьаратәи анаҧшцәа ицәырырго аихшьаала ҳазыҧшуеит, дара алхратә процесси алхрақәа рымҩаҧгареи иарҭо ахәшьара ҳазыҧшуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла алхрақәа хымҧада имҩаҧгазароуп иреиҳаӡоу  жәларбжьаратәи европатәи астандартқәа ирышьашәаланы.

„Ҵыҧх Қырҭтәыла иазышьақәҳаргылаз аҳәарақәа иреиуп зхы иақәиҭу ииашоу алхратә процесс аиқәыршәара. Қырҭтәыла аполитикатә партиақәа зегьы хымҧада аконкуренциа алшара рымазароуп.  Ҳара OSСE/ODIHR жәларбжьаратәи анаҧшцәа ицәырырго аихшьаала ҳазыҧшуеит, дара алхратә процесси алхрақәа рымҩаҧгареи иарҭо ахәшьара ҳазыҧшуеит. Аҳасабырба ацәыргареи  OBSE/ODIR  аконференциеи алхрақәа рышьҭаҳхь адырҩаҽны имҩаҧгахоит. Сара акоуп исҳәар исылшо. Қырҭтәыла алхрақәа хымҧада имҩаҧгазароуп иреиҳаӡоу  жәларбжьаратәи европатәи астандартқәа ирышьашәаланы,  сара гәыкала сгәыҕуеит убасҵәҟьа иҟалап ҳәа“, – иҳәеит Павел Герчински.