Павел Герчински – Ҳара авариантқәа зегьы ҳрыхәаҧшит, авизадатә режим аанкыларагьы уахь иналаҵаны, аха, уи ҟаҵатәым, Қырҭтәыла ауааҧсыра уи рықәнагам ҳәа сгәы иаанагоит
«Ҳара авариантқәа зегьы ҳрыхәаҧшит, авизадатә режим аанкыларагьы уахь иналаҵаны, аха, уи ҟаҵатәым, Қырҭтәыла ауааҧсыра уи рықәнагам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Павел Герчински «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәани, Қырҭтәыла иазышьақәдыргылар ҟало асанкциақәеи ирызкны иазҵааит.
Иара иажәақәа рыла, адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рашәара 24 рзы Лиуқсембург еизаны, ари аӡбара иалацәажәоит.
«Европатәи алидерцәа ишырҳәаз еиҧш, зыӡбахәы ҳәоу азакәан адкылара Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ирҧырхагахоит. Рыцҳарас иҟалаз, азакәан уезгьы ирыдыркылеит. Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа ари азҵаара ахәаҧшра иалагеит. Дара Евроеидгыла аинститутқәа ирыҳәеит зыҟаҵара ҟало ашьаҿақәа рсиа еиқәдыршәарц. Еврокомиссиа ахада илҳәаз шәаҳәаит, авариантқәа зегьы ҳрыхәаҧшуеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рашәара 24 рзы Лиуқсембург ианеиқәшәо, иалырхша авариант рыӡбап ҳәа сгәыҕуеит. Авариантқәа зегьы ҳәа анаҳҳәо, уи иаанагоит авариантқәа зегьы ирыхәаҧшуеит ҳәа, авизадатә режим аанкыларагьы уахь иналаҵаны. Уи ҟаҵатәым ҳәа сгәы иаанагоит. Ақырҭуа жәлар уи рыхәҭам, ҳара уи азыҳәан иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Аха, сара сакәӡам уи зыӡбо, аӡбара рыдыркылоит Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа», — иҳәеит Герчински.