Павел Герчински – Ҳара агендертә мчылара иадҳәаланы аҿымҭа еилаҳгароуп
Агендертә мчылара – хаҭалатәи рыцҳароуп, иара убас, ауаҩы ихадаратә зинқәа реилагароуп, уи адунеи зехьынџьара, Қырҭтәылагьы, аиндивидцәеи, аҭаацәарақәеи, ауаажәларреи ирыдкьыслоит, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински Аҳәса рзы амчылара иаҿагыло ақәҧара жәларбжьаратәи амш инамаданы иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, астатистика инақәыршәаны, аҳәса рзы амчылара арбага дууп.
«Астатистика ҳахәаҧшыр, Қырҭтәыла аҩбатәи аҧҳәыс цыҧхьаӡа лыҧсҭазаараҿы амчылара лхылгахьеит. Абарҭ апроблемақәа рыӡбаразы, Евроеидгыла Қырҭтәыла апроектқәа аҧара рзоунашьҭуеит, арҭ апроектқәа аҳәынҭқарратә органқәагьы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәагьы агендертә мчылара аҿагылараҿы ирыцхраауеит», — иануп Герчински иҳәамҭаҿы.