Павел Герчински – Гәалсрала ишәасҳәар сҭахуп Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы иуадаҩрақәа шыҟоу
«Евроеидгылахь аинтеграциазы аҳәатәеиқәшәара аҭахуп, лидерцәақәак ирҳәахьеит дара Евроеидгылахь Қырҭтәыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара ишақәшаҳаҭымхо», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Иара ишиҳәаз ала, «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан аиҿцәажәарақәа раартразы ныррас иаиуа еилыкаахоит анеҩстәи амчыбжь азы.
«Гәалсрала ишәасҳәар сҭахуп Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы иуадаҩрақәа шыҟоу . Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит зыӡбахәы ҳәоу азакәан Қырҭтәыла евроинтеграциа ишаҧырхагахо. Убасҵәҟьа иҟалеит, абри ауп рыцҳарас иҟалаз. Анеҩстәи амчыбжь азы адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ари азҵаара иахәаҧшуеит, анеҩс, мышқәак рышьҭахь, алидерцәа еизаны, Қырҭтәыла иҟалаз ахҭысқәа ақәҿыҭрас ирырҭаша рыӡбоит. жәаҳәарада, ари азакәан Қырҭтәыла евроинтеграциа иаҧырхагахеит. Евроеидгылахь аинтеграциазы аҳәатәеиқәшәара аҭахуп, лидерцәақәак ирҳәахьеит дара Евроеидгылахь Қырҭтәыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара ишақәшаҳаҭымхо. Алҵшәақәа еилкаахоит анеҩстәи амчыбжь азы», — иҳәеит Павел Герчински.