Павел Герчински – Евроинтеграциа ҳаналацәажәо Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа зегьы еидгылароуп
«Анеҩстәи хәымчыбжь аҵакы ду рымазаауеит, Евроеидгыла иалоу атәылақәа зегьы абри абжьагара иақәшаҳаҭхарц иҟаҳҵароуп. Ҳара анапхгага аҳасабала, жә-шьаҿак ҳәаақәаҳҵеит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа анеҩстәи ашьаҿақәа ирызкны аӡбара рыдыркылоит ирбо апрогресс ашьаҭала.
«Аӡбара рыдыркылоит иҳаракӡоу аҩаӡараҟны, атәылақәа рхадацәеи рҧыза-министрцәеи рыҩаӡараҟны. Дара ари аӡбара рыдыркылоит Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡараҿы иҟоу апрогресс ашьаҭала. Евроинтеграциа ҳаналацәажәо Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа зегьы еидгылароуп. Аинклиузивреи аусеицуреи иҟазароуп, абарҭ апринципқәа инагӡазароуп», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Павел Герчински ишиҳәаз ала, Евроеидгыла аартуп.