Павел Герчински – Евроеидгыла Қырҭтәыла атәылауаҩратә аиҿкаарақәа ирыдгылоит, активтә атәылауаҩратә уаажәларра адемократиа ашьаҭақәа иреиуп
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа аофис ҿыц даҭааит.
Ажурналистцәа данрацәажәоз Герчински ишиҳәаз ала, Евроеидгыла Қырҭтәыла атәылауаҩратә аиҿкаарақәа зегьы ирыдгылоит.
«Аиуристцәеи ҳареи ҳаиҧылара аинтерес ду аҵан, Евроеидгыла Қырҭтәыла атәылауаҩратә аиҿкаарақәа зегьы ирыдгылоит. Ари аиҿкаарагьы ацхыраара зҭазу ауааҧсыра зегьы ирыцхраауеит. Иара убас, Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа алхрақәа ирыцклаҧшуеит. Евроеидгыла абри аҩыза аиҿкаарақәа ирыдгылоит, избанзар, атәылауаҩратә уаажәларра ҕәҕәа адемократиа ашьаҭақәа иреиуп», — иҳәеит Павел Герчински.