Павел Герчински - Евроеидгыла иалоу атәылақәа Еврокомиссиа абжьагара иазыԥхьагәаҭаны, апозитивтә аӡбара шрыдыркыло, гәык ԥсык ала сақәгәыӷуеит
Евроеидгыла иалоу атәылақәа Еврокомиссиа абжьагара иазыԥхьагәаҭаны, апозитивтә аӡбара шрыдыркыло, гәык ԥсык ала сақәгәыӷуеит, – Қырҭтәыла иҟоу Евреоидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Герчински иажәақәа рыла, Евреоидгыла Еврокомиссиа аанарԥшыз жәшьаҿак рхырхарҭала ԥхьаҟацара абара аҭахуп.
„Абҵара 8 рзы Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат статус анаьара иадҳәаланы апозитивтә абжьагара ҟанаҵеит. Ари азҵаара Евроеидгыла алахәыла-тәылақәа иашьҭанеиуа аилатәараҿ, ԥхынҷкәын 14-15 рзы рыӡбоит. Евроеидгыла иалоу атәылақәа Еврокомиссиа абжьагара иазыԥхьагәаҭаны, апозитивтә аӡбара шрыдыркыло, гәык ԥсык ала сақәгәыӷуеит”, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евреоидгыла ацҳаражәҳәаҩ.