Павел Герчински - Евроеидгыла Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылоуп, алхрақәа рышьҭахь аиҳабыра ҿыц евроинтегарциа ахырхарҭала акрызҵазкуа аусзура шымҩаԥнаго сақәгәуӷуеит
«Евроеидгыла ашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылоуп, алхрақәа рышьҭахь аиҳабыра ҿыц евроинтегарциа ахырхарҭала акрызҵазкуа аусзура шымҩаԥнаго сақәгәуӷуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Павел Герчински иажәақәа рыла, Евроеидгылаҿ Қырҭтәыла аиҳабыра гәҭакыс амоу ирзеилкаауам.
«Рашәара 27 рзы, жәамш раԥхьа, Бриуссель иҟаз Евроеидгыла алидерцәа, ахадацәа, аԥыза-министрцәа ихадоу аӡбарақәа рыдыркылеит. Урҭ Евроеидгыла наҟ-наҟтәи астратегиатә амш аусхәаԥштә азы еиқәшаҳаҭхеит. Урҭ Украина ацхыраара аҭареи ахьчареи рзы еиқәшаҳаҭхеит. Ари ахьысҳәо сгәы сыхьуеит, аха Евроеидгыла ашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкыларазы аӡбара рыдыркылеит.
Евроеидгылаҿ Қырҭтәыла аиҳабыра гәҭакыс амоу ирзеилкаауам. «Атәым нырра аартызаара иазку» азакәан иабзуораны шәтәылеи Евреоидгылеит еицәыхарахеит, жәабжьагарак рынагӡара алшара шәнаҭом.
Уажәы Евроеидгыла ашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылоуп, алхрақәа рышьҭахь аиҳабыра ҿыц евроинтегарциа ахырхарҭала акрызҵазкуа аусзура шымҩаԥнаго сақәгәуӷуеит», — заявил Павел Герчински.