Павел Герчински – Ахада лимпичмент иазку апроцедура адеполиаризациазы иацхраауам, зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаԥгаразы иаҭаху аҭагылазаашьа аԥнаҵоит ҳәа сгәы иаанагом

13:20, 07.10.2024

Ахада лимпичмент иазку апроцедура адеполиаризациазы ихырҳагахоит, зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаԥгаразы иаҭахуаҭагылазаашьа аԥнаҵоит ҳәа сгәы иаанагом, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински ажурналистцәа данрацәажәоз.

Павел Герчински иажәақәа рыла, Евроеидгылаҿ адемократиа агәра ргоит.

“Қырҭтәыла акоҳабитациа ахьыҟоу – Ахадеи аиҳабыреи рҳәатәы ахьеиқәымшәо – тәыла заҵәык акәӡам. Стәылаҿгьы абри еиԥш аҭагылазаашьоуп.  Ахада лимпичмент иазку апроцедура адеполиаризациазы ихырҳагахоит, зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаԥгаразы иаҭахуаҭагылазаашьа аԥнаҵоит ҳәа сгәы иаанагом. Уажәы уаҳа акгьы сызҳәом”, – иҳәеит Герчински.

Апарламенттә аиҳара Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лимпичмент апроцедура еиҭалагара иазку аӡбара рыдыркылеит.

Еиԥшу