Павел Герчински - Атәылауаҩратә уаажәларра азакәанԥҵареи аӡбара адкылареи рпроцесс аҽалархәра адемократиатә тәылақәа зегьы рзы ихымԥадоуп, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы
Атәылауаҩратә уаажәларра азакәанԥҵареи аӡбара адкылареи рпроцесс аҽалархәра адемократиатә тәылақәа зегьы рзы ихымԥадоуп, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Павел Герчински иажәақәа рыла, “абри азоуп жәшьаҿак рҟынтә ажәбатәи ашьаҿа атәылауаҩратә уаажәларра азакәанԥҵареи аӡбара адкылареи рпроцесс аҽалархәра изызку”.
„Қырҭтәыла даара иактиву атәылауаҩратә уаажәларроуп, ари даара ҳаргәырӷьоит. Атәылауаҩратә уаажәларра азакәанԥҵареи аӡбара адкылареи рпроцесс аҽалархәра адемократиатә тәылақәа зегьы рзы ихымԥадоуп, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы.
Қырҭтәыла аиҳабыреи, аоппозициеи атәылауаҩратә уаажәларреи рыбжьара, ҵыԥх адискуссиақәа рпозитивтә процесс алагеит. Мрагыларатә партниорра атәылауаҩратә уаажәларра рплатформа иазкны аоппозициатә партиақәеи атәылауаҩратә уаажәларра ахьалахәыз аиԥыларақәак мҩаԥаагеит, аха ари аплатформа еиҿҟаара дуқәак аанрыжьит, уажәы Қырҭтәыла апанхгара аҭакԥхықәра адуп атәылауаҩратә уаажәларра азакәанԥҵареи аӡбара адкылареи рпроцесс аҽалархәразы амҩақәа рыԥшаарц”, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.