Павел Герчински – Атәыла аиҳабыра 9 шьаҿак рынагӡара иазку аплан ирласӡаны еиқәыршәаны, Бриуссельҟа идәықәырҵеит, сара уи даараӡа сгәы иаахәеит, Еврокомиссиа аплан иахәаҧшны, аҭак ҟарҵоит
Ҩымчыбжь рышьҭахь, ҧхынҷкәын 14-15 рзы, Евроеидгыла алидерцәа, 27 ҳәынҭқаррақәа рхадацәеи рҧыа-министрцәеи, Бриуссель еизаны, арҭбаара апакет иазкны аӡбара рыдыркылоит, араҟа Евроеидгыла иалалар зҭаху 10 ҳәынҭқаррак ирылацәажәоит. Раҧхьаӡа акәны, ари апакет иалоуп Қырҭтәылагьы, ари ахҭыс ацәанырра дуқәа снаҭоит, — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиурц азыҳәан аҵакы ду амоуп аполитикатә мчқәа зегьы русеицура.
«Ишыжәдыруа еиҧш, абҵара 8 рзы Еврокомиссиа 27 ҳәынҭқаррақәа ирыбжьанагеит Қырҭтәыла акандидат астатус арҭарц. 27 ҳәынҭқаррақәа ари абжьагара иазҧхьагәарҭап ҳәа гәыкала сгәыҕуеит, аха, иҵегьы ҩымчыбжь ҳазыҧшыроуп. Иҟаҵоу рацәоуп, аха, иҵегьы ирацәаны иҟаҵазар ҟалон. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ареформақәа рымҩаҧгара аганахьала имаҷымкәа аинициативақәа цәырҵит. Қырҭтәыла Евроеидгыла иалаларц азыҳәан анеҩстәи ашьаҿақәа ҟаҵатәуп. Атәыла аиҳабыра 9 шьаҿак рынагӡара иазку аплан ирласӡаны еиқәыршәаны, Бриуссельҟа идәықәырҵеит, сара уи даараӡа сгәы иаахәеит, Еврокомиссиа аплан иахәаҧшны, аҭак ҟарҵоит. Абарҭ 9 шьаҿак рынагӡаразы аполитикатә мчқәа зегьы аус еицыруроуп», — иҳәеит Герчински.