Павел Герчински - Астатус анашьара иазку Еврокомиссиа аҭоурыхтә рекомендациа шьақәнарӷәӷәоит акоррупциа аҿагылара ахырхарҭала Қырҭтәыла ақәҿиара шамоу, аха иҟаҵатәу рацәоуп
Астатус анашьара иазку Еврокомиссиа аҭоурыхтә рекомендациа шьақәнарӷәӷәоит акоррупциа аҿагылара ахырхарҭала Қырҭтәыла ақәҿиара шамоу, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински акоррупциа аҿагылара жәларбжьаратәи амшинамаданы иҟаиҵаз авидео-хазырзараҿ.
Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз, акоррупциа аҿагылара арӷәӷәара Евроеидгыла арҭбаара апроцесс аҿы ихадоу акмпонентуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы иҟанаҵо жәшьаҿак иреиуп.
„Иахьа, акоррупциа аҿагылара иазку ЕАР аконвернциа адкылара 20 шықәсатәи аиубилеи азгәаҳҭоит. Ари адунеи аҿы аиуристтә антикоррупциатә инструмент заҵәык ауп иҳамоу. Акоррупциа атәылақәа зегьы рҿы иубарҭоуп. Уи адемократиатә институтқәеи азакәан аиҳаӡареи ирԥырхагоуп, аҿиареи азҳареи ирԥырхагоуп. Акоррупциа аҿагылара амш азгәаҭара иаҳгәаланаршәоит ари апроблема шыҟоу, уи аԥырҟәҟәаара аус шадулатәу. Қырҭтәылагьы ари апроцесс иалахәуп.
Астатус анашьара иазку Еврокомиссиа аҭоурыхтә рекомендациа шьақәнарӷәӷәоит акоррупциа аҿагылара ахырхарҭала Қырҭтәыла ақәҿиара шамоу. Антикоррупциатә биуро аԥҵареи адеолигархизациа азҵааразы ауснагӡатә план аус адулареи ари ақәҿиара шьақәдырӷәӷәоит, аха иҵегьы иҟаҵатәу рацәоуп. коррупциа аҿагылара арӷәӷәара Евроеидгыла арҭбаара апроцесс аҿы ихадоу акмпонентуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы иҟанаҵо жәшьаҿак иреиуп. Ари амҩаҿ Қырҭтәыла Евроеидгыла адгылара амоуп“, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.