Павел Герчински - Ашықәсҿыцтәи сгәахәтәы нагӡеит, Қырҭтәыла 2024 ашықәса акандидат тәыла астатусла аԥылоит
Павел Герчински - Ашықәсҿыцтәи сгәахәтәы нагӡеит, Қырҭтәыла 2024 ашықәса акандидат тәыла астатусла аԥылоит

Ҳхәыҷра аахыс Ашықәс ҿыц Иаса Қьырса ииреи аныҳәақәа агәазыҳәарақәа рынагӡара ҳазыԥшуп.Ашықәсҿыцтәи сгәахәтәы нагӡеит, Қырҭтәыла 2024 ашықәса акандидат тәыла астатусла аԥылоит,  – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евреоидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински Ашықәс ҿыцтәи адныҳәалараҿ.

„Ари Ашықәс ҿыци Иаса Қьырса иирамши Қырҭтәыла аҭоурыхтә ақәҿиарала азгәаҳҭап. Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Иаса Қьырса иирамши!“, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Қырҭтәыла иҟоу Евреоидгыла ацҳаражәҳәара Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи  EU4Georgia аимадаратә гәыԥи Қырҭтәыла атәылауаа Ашықәс ҿыц ахьрыдырныҳәало авидеонҵамҭа аланарҵәеит.