Павел Герчински – Ақырҭуааи ақырҭуа напхгареи роуп изыӡбаша хәҭалатәи амобилизациа амшала Қырҭтәыла иаҭааиз Урыстәыла атәылауаа ишрызныҟәаша
«Ақырҭуааи ақырҭуа напхгареи роуп изыӡбаша хәҭалатәи амобилизациа амшала Қырҭтәыла иаҭааиз Урыстәыла атәылауаа ишрызныҟәаша», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Ацҳаражәҳәаҩ ажурналистцәа ари атема иадҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аиҭеит.
«Сара исызшәаҳәом арҭ ауаа ишрызныҟәатәу, ари азҵаара ақырҭуааи ақырҭуа напхгареи ирхьыҧшуп. Сара ибзианы еилыскаауеит Путин ирылеиҳәаз амобилизациа амшала Урыстәыла атәылауаа рацәа Қырҭтәылаҟа ишдәықәлаз. Аха, Қырҭтәыла, иара ахала, ари азҵаара аӡбароуп», — иҳәеит Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ.