Павел Герчински – Ақырҭуаа роуп изыӡбаша атәылаҿ изакәатә закәанқәоу ирыдыркыло, аха, Шарль Мишели егьырҭ алидерцәеи ишырҳәаз еиҧш, ари азакәан Қырҭтәыла иацхраауам Евроеидгыла азааигәахараҿы
Қырҭтәыла зхы иақәиҭу ихьыҧшым тәылоуп. Ақырҭуаа роуп изыӡбаша атәылаҿ изакәатә закәанқәоу ирыдыркыло, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект иадҳәаланы ажурналистцәа данрацәажәоз.
Ажурналистцәа Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иазҵааит ақырҭуа аган ари азакәан рыдыркылар, Қырҭтәыла Евроеидгылаҟны аиҿцәажәарақәа ралагара алшома ҳәа.
„Ҳара Қырҭтәыла ирыдыркыло азакәанқәа зегьы пату рықәаҳҵоит. Аха, Шарль Мишели егьырҭ алидерцәеи ишырҳәаз еиҧш, ари азакәан Қырҭтәыла иацхраауам Евроеидгыла азааигәахараҿы.
Сара аҳәаанырцәтәи адипломат соуп. Қырҭтәыла аиҳабыра ма иарбанзаалак аполитикатә партиа абжьагарақәа рыҭара сыхәҭам. Ақырҭуаа роуп изыӡбаша ртәылазы изакәытә ҧеиҧшу ирҭаху. Сара даҽа хықәкык сымоуп, ақырҭуаа идсырдырроуп Евроеидгыла алалара изакәытә хырҳагароу ирзаанаго. Қырҭтәыла аҩныҵҟа, ақырҭуаа рхаҭа аӡбарақәа рыдыркылароуп, атәымуаа ари апроцесс рҽаларгалар ҟалом. Сгәы ишаанаго ала, ақырҭуа жәлар рабиҧарақәа рацәа ахақәиҭра иазықәҧон, рҧеиҧш иадҳәалоу аӡбарақәа дара рхаҭа ирыдыркыларц азыҳәан“, – иҳәеит Павел Герчински.