Павел Герчински - Ақырҭуа жәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит алхрақәа рахь инеирц, арҭ алхрақәа шәтәыла аԥеиԥш азы аҵак ҷыда рымоуп
Павел Герчински - Ақырҭуа жәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит алхрақәа рахь инеирц, арҭ алхрақәа шәтәыла аԥеиԥш азы аҵак ҷыда рымоуп

« Ақырҭуа жәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит алхрақәа рахь инеирц, арҭ алхрақәа шәтәыла аԥеиԥш азы аҵак ҷыда рымоуп», – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ьПавел Герчински “Қырҭтәыла алхратә компас 2024” аӡыргараан.

Герчински иажәақәа рыла, ақырҭуа алхыҩцәа рхала ирыӡбароуп иарбан партиа иадгыло.

“Иахьа алхратә клмпас алагара салахуп. Ари ихьыԥшым вебинструментуп, уи жәларбжьаратәи партниорцәа рыдгылара ала ақырҭуа тәылауаҩратә еиҿкаарақәа аԥырҵеит. Ари аплатформа ақырҭуа алхыҩцәа апартиа цыԥхьаӡа реилкаараҿ ирыцхраауеит. Евроеидгыла ари апроект адгылоит. Ақырҭуа жәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит алхрақәа рахь инеирц, арҭ алхрақәа шәтәыла аԥеиԥш азы аҵак ҷыда рымоуп. Жьҭаара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа рҿы аҭоурыхтә активра шыҟало агәра сгоит, ари аҵак ду амоуп”, – иҳәеит Герчински.