Павел Герчински - Ақырҭуа жәлар ԥырхага рзыҟаҵара, рхьырхәра ҳгәы иҭам, ҳара Қырҭтәыла анапхгара шәтраекториа адкылашьа амамҳәа ашьҭымҭа џьбара рзышьҭра ауп хықәкыс иҳамоу
Ақырҭуа жәлар ԥырхага рзыҟаҵара, рхьырхәра ҳгәы иҭам, ҳара Қырҭтәыла анапхгара шәтраекториа адкылашьа амамҳәа ашьҭымҭа џьбара рзышьҭра ауп хықәкыс иҳамоу, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински иконкрету атәылауаҩшәҟәқәа змоу ахаҿқәа рганахьала авизадатә режим аԥыхра аӡбара данахцәажәоз.
Герчински иажәақәа рыла, иашьҭанеиуа амчыбжь азы Евреоидгыла иалоу атәылақәа ирыдыркыло аӡбамҭа зеиԥшрахо еилкаахоит.
„Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рбираҟқәа кны есымша адәахьы идәылҵуа ақырҭуа жәлар ԥырхага рзыҟаҵара, рхьырхәра ҳгәы иҭам, ҳара Қырҭтәыла анапхгара шәтраекториа адкылашьа амамҳәа ашьҭымҭа џьбара рзышьҭра ауп хықәкыс иҳамоу. юАнапхгара аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟанаҵаз ашьаҿақәа адкылашьа амам. Иашьҭанеиуа амчыбжь азы Евреоидгыла иалоу атәылақәа ирыдыркыло аӡбамҭа зеиԥшрахо еилкаахоит.”, – иҳәеит Герчински.