Павел Герчински - Аполитикатә мчқәа зегьы ирыбжьоу аҳәоуеиқәымшәарақәа ирхашҭны, ареформақәа рынагӡара аус адырулароуп
«12 абжьагарақәеи 9 ашьаҿақәеи рынагӡараҿ, апарламент ароль ҷыда амоуп. Қырҭтәыла аполитикатә лидерцәа рахь ааԥхьара ҟаҵоит арҭ ареформақәа рыхшыҩ азышны ирыхәаԥшырц», — иҳәеит ВЕреоидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, аполитикатә мчқәа зегьы ирыбжьоу аҳәоуеиқәымшәарақәа ирхашҭны, ареформақәа рынагӡара аус адырулароуп.
«Арҭ ареформақәа аиҭакратә ҟзшьа рымазароуп.
Абжьагарақәа реиҳара еиԥшуп – азакәан адкылара, иашьашәалоу административтә структура аԥҵара, аҿиара, азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра. Ахырхарҭақәа рацәа афинанстә шьаҭа рымазароуп. Апрогресс аншәоулак, Евроеидгыла астанартқәа рынагӡара аншәалагалак, ҳара аинвестициақәа рыԥшаара ҳалшоит. Аинвесторцәа рзы аҭышәынтәалара ахадаратә ҵакы амоуп», — иҳәеит Герчински.