Павел Герчински - Анаҧшцәа рыхәшьара ашьаҭала иҳаӡбоит алхрақәа ииашазу ииашамзу, алхрақәа ииашамкәа имҩаҧган ҳәа ишьақәдырҕәҕәар, ҧаса ҳхы иаҳархәоз, Беларусгьы ахархәара змаз аҭагылазаашьақәа рхархәара ҳақәшәоит
«Алҵшәақәа иарбанызаалк рылҵшәа пату ақәаҳҵоит, арҭ алхрақәа иашаны имҩаҧгазар», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа данрылацәажәоз.
Герчински иажәақәа рыла, анаҧшцәа рыхәшьара ашьаҭала ирыӡбоит алхрақәа ииашазу ииашамзу.
«Қырҭтәыла аиҳабыра жәларбжьаратәи анаҧшцәа аарыҧхьеит. Ҳара урҭ рҟны аимадара ҳамоуп. Излауа ала ирацәаны анаҧшцәа раара ишазҿлымҳау аадыруеит. Ҳара урҭ рыхәшьара ҳазыҧшуп, анаҧшцәа рыхәшьара ашьаҭала ирыӡбоит алхрақәа ииашазу ииашамзу. Алхрақәа ииашамкәа имҩаҧган ҳәа ишьақәдырҕәҕәар, ҧаса ҳхы иаҳархәоз, Беларусгьы ахархәара змаз аҭагылазаашьақәа рхархәара ҳақәшәоит. Гәыкала агәра згар сҭахуп ус шыҟамло. Бералус имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа иазхаҳамҵеит. Арҭ алхрақәа ииашамкәа имҩаҧган, убри аҟынтә, асанкциақәа рышьақәыргылара ҳақәшәеит. Уи зегьы иреицәоу вариантуп. Жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа мҩаҧысып ҳәа ҳгәыҕуеит. Қырҭтәыла ауааҧсыра иалырхуа иарбанзаалак аиҳабыра аус рыцура ҳазыхиоуп. Ҳара иарбаанзаалак алҵшәа пату ақәаҳҵоит, аха, алхрақәа ииашаны имҩаҧгазароуп», — иҳәеит Павел Герчински.