Павел Герчински – Абжьагарақәак инагӡоуп, егьырҭ рынагӡаразы аусура мҩаҧысуеит, алҵшәақәа рышьаҭала Қырҭтәыла апрогресс ахәшьара аҳҭоит
«Қырҭтәыла апарламент жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтә, иаҳҳәап, Венециатәи акомиссиа аҟынтә аихшьаала иазыҧшуп. Аусура нагӡахоит. Алҵшәақәа рышьаҭала Қырҭтәыла апрогресс ахәшьара аҳҭоит», —иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Иара иажәақәа рыла, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили диацәажәеит 12 абжьагарақәа рынагӡара иазкны.
«Сара макьана Қырҭтәыла апарламентаҿ сыҟоуп, Шьалуа Папуашвили сиҧылеит. 12 абжьагарақәа рынагӡара ҳалацәажәеит ашықәс алагамҭазы. Ишдыру ала, абжьагарақәак инагӡоуп, егьырҭ рынагӡаразы аусура мҩаҧысуеит. Қырҭтәыла апарламент жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтә, иаҳҳәап, Венециатәи акомиссиа аҟынтә аихшьаала иазыҧшуп. Аусура нагӡахоит. Алҵшәа рышьаҭала Қырҭтәыла апрогресс ахәшьара аҳҭоит. Еврокомиссиа аихшьаала цәырнагоит жьҭаара анҵәамҭазы, убри анеҩс, Евроеидгыла иалоу атәылақәа абарҭ алҵшәақәеи анеҩстәи ашьаҿақәеи ирыхәаҧшуеит. Убри аҟынтә, ҳазҭагылаз ашықәс аџьабаа ду ацзаауеит. Қырҭтәылеи ақырҭуа политикцәеи гәыкала ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Герчински.