Париж-2024 – Нино Салукваӡе ажәабатәи, арекордтә лолимпиада  
Париж-2024 – Нино Салукваӡе ажәабатәи, арекордтә лолимпиада  

Ақырҭуа ахысҩы  Нино Салукваӡе,  лкариераҿ, ажәабатәи Аолимпиатә хәмаррақәа дрылахәхәоит. Лара адунеиаҿ дспортсмен-ҧҳәыс заҵәуп Аолимпиатә хәмаррақәа жәаба ирылахәыз.

Париж-2024 аҿы лара 2 дистанциак рҿы дықәгылоит. Апневматикатә тапанчала ахысра  10 метрк  адистанциаҿы  38-тәи аҭыҧ аанылкылеит. Афиналахь ииасит иреиҕьу 8ҩык аспортсментцәа.

Нанҳәа 2 рзы Нино Салукваӡе  25 метр адистанциаҿы деицлабуеит.

Салукваӡе Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ахьтәи, араӡнытәи, аџьазтәи медальқәа акака лгахьеит.

Ахьтәи араӡни  19 шықәса анылхыҵуаз, Сеул имҩаҧысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы илгеит, аџьазтә медаль  — 2008 шықәсазы Пекин.