«Пари Сен-Жермени»   «Наполии» Кварацхелиа ииасразы еиқәшаҳаҭхеит
«Пари Сен-Жермени»   «Наполии» Кварацхелиа ииасразы еиқәшаҳаҭхеит

Афранцыз ҭыжьымҭа  L’Equipe адыррақәа рыла, «Пари Сен-Жермени»   «Наполии» Хвича Кварацхелиа ииасразы еиқәшаҳаҭхеит, хара имгакәа уи иазкны аофициатә ҳәамҭа ҟарҵоит.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, италиатәи аклуб  Хвича Кварацхелиа изы  70 миллион евро аиуеит. Атрансфер апроцедурақәа зегьы рышьҭахь ақырҭуа ашьапылампыласҩы Париж амедицинатә гәаҭарақәа дырхысуеит, анеҩс, аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩуеит», — иануп  L’Equipe аҿы.

Аинформациа ишану ала,  «Наполи» аҿы  1,2 миллион  евро зауаз Кварацхелиа , «Пари Сен-Жермен» аҿы шықәсыкахь  8 млн. евро иоуеит.

Қырҭтәыла аизга алидер  «Наполи» ашҟа диасит  2022 шықәсазы.