Папа Римтәи иԥсыжра ацеремониа иалагаанӡа, Дональд Трампи Володимир Зеленскии еиԥылеит
Ватикан Папа Римтәи иԥсыжра ацеремониа иалагаанӡа, ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии еиԥылеит. Алидерцәа реиԥылара 15 минуҭ нагӡон, – аанацҳаит “Роитер” Аҩны шкәакәа аимадарақәа рдиректор Стивен Чун иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.
Чун иажәақәа рыла, Дональд Трампи Володимир Зеленскии апродуктивтә дискуссиа мҩаԥыргеит.
Ватикан Папа Римтәи иԥсыжра ацеремониа иалагаанӡа имҩаԥгаз ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии реиԥылара иазкны адырра алаирҵәеит Украина ахада ипресспикер Сергеи Никифоровигьы.
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Трампи Зеленскии иахьа даҽазнык еиԥылароуп.