Пакистан атәылахьчара аминистр - Қашмиртәи аиҿагылара зымҽхак дуу аибашьранӡа ҳнанагар ауеит
Қашмиртәи аиҿагылара зымҽхак дуу аибашьранӡа ҳнанагар ауеит, – иҳәеит Пакистан атәылахьчара аминистр Хаваџьа Асиф „Сқаи ниус“ аинтервиу аҿы.
Иара ишиҳәаз ала, адунеи зегьы атомтә бџьар змоу 2 ҳәынҭқаррак реиҿагылара иақәыӡбароуп, аха, Асиф ари аиҿагылара адипломатиатә мҩала аҭыҧқәҵара дақәгәыҕуеит.
Хаваџьа Асиф иажәақәа рыла, Пакистан арбџьармчқәа „иарбанзаалак аҭак аҟаҵара иазыхиоуп“.
„Индиа иҟанаҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа иахәҭоу аҭак аҳҭоит. Зымҽхак дуу ажәылара ҟалар, ҳәарада, зымҽхак дуу аибашьра иалагоит.
Қашмиртәи аиҿагылара зымҽхак дуу аибашьранӡа ҳнанагар ауеит. Ҳусқәа цәгьахоит, арыцҳара ду ҳҭагылар ауеит, “ – иҳәеит Асаф.
Мшаҧы 22 рзы, Индиа изхылаҧшуа Паҳалгам ақалақь ааигәара, бџьарла еибыҭаз ауаа атуристцәа иреихсуа иалагеит. 26ҩык ҭахеит. Ажәыларазы аҭакҧхықәра агеит идырым бџьартә гәыҧ „Қашмиртәи аҿагылара“. Индиа анапхгара ари ажәылара Пакистан ахарарҵоит.
Аофициалтә Исламабад ари ахарадҵара мап ацәыркит.