Паата Манџьгалаӡе  - Ҳара аамҭалатәи акоординациа ҳҭахым, аиааиразы акзаара иаҳа еиҕьуп  
Паата Манџьгалаӡе  - Ҳара аамҭалатәи акоординациа ҳҭахым, аиааиразы акзаара иаҳа еиҕьуп  

 

«Аҕмашенебели истратегиа» алахәылацәа акзаара ҳадгылоит, акоординациа — бзиоуп, аха, ҳара аамҭалатәи акоординациа ҳҭахым, –  иҳәеит апартиа  «Аҕмашенебели истратегиа» алахәыла  Паата Манџьгалаӡе .

Иара иажәақәа рыла, аиааиразы акзаара ҕәҕәа аарҧштәуп.

«Ганкахьала  —  Ақырҭуа гәахәтәы, егьи аганахьала  — Қырҭтәыла апатриотцәа. Абри аҩыза акзаара ҳадгылоит, аха, акоординациагьы аҵакы ду амоуп.  Зҵаарақәак рҿы акоординациа зыҟалом. Иаҳҳәап, абрифингқәа реицмҩаҧгара, азеиҧш аҳәамҭақәа рыҟаҵара, партиақәак уи иақәшаҳаҭым.  Убри аҟынтә, аиааиразы акзаара иаҳа еиҕьуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит Манџьҕалаӡе.

Қырҭтәыла ахәбатәи ахада  Саломе Зурабишвили илҳәеит: «Сара ахаангьы аоппозициаа реидҵара сҭахымызт, сара акоординациа ҕәҕәа еиқәсыршәоит».