"Оскар" аиура зҽазызшәар алшо акинофильмқәа иреиуп Ҭинаҭин Ҟаџьришфили лфильм "Иԥшьоу атәылауаҩ"
"Оскар" аиура зҽазызшәар алшо акинофильмқәа иреиуп Ҭинаҭин Ҟаџьришфили лфильм "Иԥшьоу атәылауаҩ"

Акинотеатр “Амирани” имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы Қырҭтәыла амилаҭтә киноцентр шьақәнаргылеит 2024 шықәсазы ЕАШ акиноакадемиа аԥхьахә аиуразы ирышьҭуа ақырҭуа фильм.

“Оскар” аиура зҽазызшәар алшо акинофильмқәа иреиуп арежиссиор Ҭинаҭин Ҟаџьришфили лфильм “Иԥшьоу атәылауаҩ”.

Афильм Қырҭтәыла амилаҭтә киноцентр адгылара ала иҭыхуп. Қырҭтәыла акандидат фильм маӡалатәи абжьыҭирала иалхын.