Оливер Вархеи -  Ҳазынтәгьы аекономикатәи асоциалтәи хырҳагара ҳаурц азыҳәан ҳаидгылоит, Европа ахатә ақәыргәыҕрақәа нанагӡоит
Оливер Вархеи -  Ҳазынтәгьы аекономикатәи асоциалтәи хырҳагара ҳаурц азыҳәан ҳаидгылоит, Европа ахатә ақәыргәыҕрақәа нанагӡоит

Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы еврокомиссар аенергиа иаҵәа арҿиареи амҩаҧгареи азы аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра дахцәажәеит.

Европатәи аполитик ишиҳәаз ала, Европа ахатә ақәыргәыҕрақәа нанагӡоит.

«Ҳплан шынагӡо анызбо еснагь сгәырҕьоит. Иахьа, Еврокомиссиеи, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Румынтәылеи, Венгриеи, европатәи аекономикатәи аинвестициатә план аҳәаақәа ирҭагӡаны, Амшын еиқәаҿы аӡаҵантәи афымцатә кабель аргылара иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.  Ҳазынтәгьы аекономикатәи асоциалтәи хырҳагара ҳаурц азыҳәан ҳаидгылоит, Европа ахатә ақәыргәыҕрақәа нанагӡоит», —  иҩит  Оливер Вархеи   «Твиттер» аҿы.