Оливер Варҳеи ишааицҳаз ала, Иракли Кобахиӡе даниацәажәоз, Словакиа аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа Европаҿ ауааԥсыраҿ аибарххареи аполиаризациа ҳараки иахылҵыз ахҭыс аҳасабла ҿырԥштәыс иган
Қырҭтәыла аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа азы агәалсра ду аасырԥшыр сҭахуп, ҭелла ҳаиҿцәажәара ахәҭа аконтекст аҟынтә игәылжәан, – иануп Агәыларатә политикеи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳи иҳәамҭаҿы.
“гәыларатә политикеи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар иаҳасабла спортфель иалоу атәылақәа реиҳа́бырақәа рхаҭарнакцәа рҟны еснагьтә аимадара сымоуп, ибзан акәзар аимадаратә каналқәа еснагь иаартызароуп ишиашоу аполитикатә гәаанагарақәа реиҭныԥсахразы.
Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа амҩа иаԥырхагахар зылшо Қырҭтәыла аполитикатә напхгара “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан адкылара мап ацәыркырц азы исылшоз зегь ҟасҵеит.
Ақырҭуа уаажәлар ирҭаху ибзиаӡаны издыруеит, убри аҟынтә аԥыза-министр ҭелла саниацәажәрз ари азакәан адкылара ицәгьру аҭагылазаашьа иаҳа арцәгьара шалшо иазгәасҭеит, иашьҭанеиуа аполиаризациа Қарҭтәи амҩақәа рҿы зхылаԥшра уадаҩу аҭагылазаашьа ахылҵыр шалшо. Ари аконтекст аҿы Словакиа аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа Европаҿ ауааԥсыраҿ аибарххареи аполиаризациа ҳараки иахылҵыз ахҭыс аҳасабла ҿырԥштәыс ааган.
Қырҭтәыла аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа азы агәалсра ду аасырԥшыр сҭахуп, ҭелла ҳаиҿцәажәара ахәҭа аконтекст аҟынтә игәылжәан, ажәақәа рҵакы даҽа интепретациа аҭан.
Қырҭтәыла аиҳабыра рахь даҽазнык ааԥхьара ҟасҵоитари азакәан рыдрымкыларц. Қырҭтәыла евроатәи аԥеиԥш аус адулара назыгӡо ақырҭуаа рыдгылара насыгӡоит”, – иазгәаҭоуп Варҳеи иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, “Акыраамҭа ашантаж шыҟарҵогьы, Еврокомиссарцәа руаӡәы аҭелла саниацәажәоз иара иҟынтә исаҳаз ақәмақарра уамашәа избеит… Лымкаала, еврокомиссар дансацәажәоз, Аартызаара иазку азакәан азы вето аҧыхра ашьҭахь европатәи аполитикцәа иҟарҵар зылшо ашьаҿақәа реиқәыҧхьаӡараан иҳәеит: „Фицо ихьыз ижәымбеи, даараӡа шәгәы шәҽанызароуп“.