Оливер Варҳеи - Инаҳагӡо ихадароу апроект аҿы Амшын Еиқәа Европеи Қырҭтәылеи реидҳәалараҿ агәҭанытәи роль амоуп
Оливер Варҳеи - Инаҳагӡо ихадароу апроект аҿы Амшын Еиқәа Европеи Қырҭтәылеи реидҳәалараҿ агәҭанытәи роль амоуп

Европа агәыларатә политикеи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы еврокомиссар аекономика ахырхарҭала Қырҭтәыла апартниорра дахцәажәеит.

Варҳеи аекономикатә аалыҵ дахцәажәан, ишазгәеиҭаз инарыгӡо ихадароу апроект аҿы Амшын Еиқәа Европеи Қырҭтәылеи еидызҳәало ҳпланқәа рҿы агәҭанытәи роль нанагӡоит.

“Ҳара идуӡӡоу апроект анагӡара ҳалагоит, инагӡахоит акономикатәи аинвестициатәи аплан. Уаанӡа шәтәыла санаҭаа, 3.9 миллиард евро Қырҭтәыла аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асектор ахь алагалахоит ҳәа исҳәеит.  Ари ахадара ду змоу аԥшьгароуп. Иахьа арҭ апроектқәа рыхәҭа шалагаз ианызба, даара сеигәырӷьеит. Иашьҭанеиуа свизит аан апроект алҵшәақәа збоит ҳәа агәра згоит.

Инаҳагӡо ихадароу апроект аҿы Амшын Еиқәа Европеи Қырҭтәылеи реидҳәалараҿ агәҭанытәи роль амоуп. Аԥыза-министр иазгәеиҭеит Амшын Еиқәа афымцатә мҩангага асимволтә ҵакы амоуп ҳәа, аха уи асимволтә мацара акәымкәа, аҭоурыхтә ҵакыгь амоуп. Уи Қырҭтәылеи Европеи, Кавкази Европеи еидызҳәао проектхоит, Урыстәыла Украинаҿ иалагаз аибашьра афон аҿы угықәгәыӷыша апартниорцәа рыхә ҳаракхеит. Қырҭтәыла абри еиԥш апартниор ахьӡ аиура алшоит”, – иҳәеит еврокомиссар.