Оливер Варҳеи  – Ауадаҩрақәа шыҟоугьы,  Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи алалара апроцесс иалагеит,  уи Мрагыларатә партниорра аполитика иахылҵыз алҵшәа азхаҵароуп иаанаго
Оливер Варҳеи  – Ауадаҩрақәа шыҟоугьы,  Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи алалара апроцесс иалагеит,  уи Мрагыларатә партниорра аполитика иахылҵыз алҵшәа азхаҵароуп иаанаго

«Ауадаҩрақәа шыҟоугьы,  Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи алалара апроцесс иалагеит,  уи арҭ атәылақәа Евроеидгыла азааигәахараҿы ирыцхраауа Мрагыларатә партниорра аполитика иахылҵыз алҵшәа азхаҵароуп иаанаго», — иҳәеит агәыларатә политикеи арҭбаара азҵаарақәеи рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи  «Евронест» Апарламенттә ассамблеиа асессиаҿы данықәгылоз.

Варҳеи ишиҳәаз ала,  Мрагыларатә партниорра аҧҵара инаркны 15 шықәса анҵы, ари аиҿкаара еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы алҵшәа бзиақәа аиуит.

«Ҳара ашәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы ҳалахәызаара иаҳа иҳарҭбааит. Иара убас, Мрагыларатә партниорра ала, ҳара  Евроеидгыла алалара апроцессаҿ иҟоу, арегионаҿ аҿыц партниорцәа ҳрыдгылоит.  Мрагыларатә партниорцәа ирымоу аҧыжәарақәа рызҧхьагәаҭара азҵаара ахадаратә ҵакы амазаауеит», — иҳәеит  Варҳеи.