Оливер Варҳеи - Аенергоресурсқәа рыла аиқәыршәара ҳанахцәажәо, Европа ԥсыҽуп, Қырҭтәылеи Евреоидгылеи рыбжьара афымцалашаратә кабель апроект арегион ахьчамзаара армаҷуеит
Оливер Варҳеи - Аенергоресурсқәа рыла аиқәыршәара ҳанахцәажәо, Европа ԥсыҽуп, Қырҭтәылеи Евреоидгылеи рыбжьара афымцалашаратә кабель апроект арегион ахьчамзаара армаҷуеит

Аенергоресурсқәа рыла аиқәыршәара ҳанахцәажәо, Европа ԥсыҽуп, Қырҭтәылеи Евреоидгылеи рыбжьара афымцалашаратә кабель апроект арегион ахьчамзаара армаҷуеит, – Евроеидгыла арҭбаареи агәыралатә политикеи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи.

Варҳеи иажәақәа рыла, афымцалашаратә кабель апроект Мрагыларатә партниорцәа мацара акәым, аладатәи агәылацәа рзгьы аҵак ду амоуп.

“Раԥхьаӡа иргыланы исҳәар сҭахуп акризисқәа ирыбзоураны алшара ҿыцқәа шцәырҵуа. Афымцалашаратә кабель апроект зегьы рзы ихадахоит. Ари аплан Мрагыларатә партниорцәа мацара акәым, аладатәи агәылацәа рзгьы аҵак ду амоуп. Аенергоресурсқәа рыла аиқәыршәара ҳанахцәажәо, Европа ԥсыҽуп, Қырҭтәылеи Евреоидгылеи рыбжьара афымцалашаратә кабель апроект арегион ахьчамзаара армаҷуеит. Ҳара Амшын Еиқәа аидҳәаларатә ҵакы азҳара ҳҭахуп афымцалашара ахырхарҭала мацара акәым, аинтернети, атранспорти рхырхарҭалагьы”, – иҳәеит Евроеидгыла арҭбаареи агәыралатә политикеи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар.