Олаф Шольц - Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас иԥхьаӡоуп, урҭ Евреоидгыла алалара рҭахуп, арҭ атәылақәа рҿы аҭыԥ рымоуп асистематикатә кыдцаларқәа ҳәа ахықәкы иашьашәалам гәаанагарақәоу
Олаф Шольц - Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас иԥхьаӡоуп, урҭ Евреоидгыла алалара рҭахуп, арҭ атәылақәа рҿы аҭыԥ рымоуп асистематикатә кыдцаларқәа ҳәа ахықәкы иашьашәалам гәаанагарақәоу

Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас иԥхьаӡоуп, урҭ Евреоидгыла алалара рҭахуп, арҭ атәылақәа рҿы аҭыԥ рымоуп асистематикатә кыдцаларқәа ҳәа ахықәкы иашьашәалам гәаанагарақәоуп, — иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Der Spiegel аинфтервиу аҿы.

«Ганкахьала, аҭыԥ амоуп аусҩцәа рымч аммиграциа, ари ҳара ҳзы ихырҳагоуп. Иҟоуп ахыҵәахырҭа дыԥшаауа ауаагьы, урҭ аполитикатә кыдцалара аҽацәыхьчара рҭахуп. Аха иҟоуп арҭ агәыԥқәа ирыҵанамкуа ахаҿқәагьы, урҭ аанхара зин рымам», — иҳәеит Олаф Шольц.

Германтәыла аканцлер иажәақәа рыла, Германтәыла агәыла-тәылақәа рҟны иџьбароу аҳәаатә контроль шьақәнаргылеит, ари иазкны Бриуссель адырра аҭоуп.

«Закәандарала ҳтәылаҿ аанхаразы астимул ҳармаҷуеит. Германтәыла афедералтә дгьылқәа аԥара ацынхәрас анатуралтә формала асоциалтә цхыраара аарԥшра ҳҭахуп ҳәа аарыцҳар, ари ҳадгылоит. Ахыҵәахырҭақәа зыԥшаауа рзы адебеттә картақәа ралагалара рҭаххар, аригьы ҳадгылоит», — иазгәеиҭеит Олаф Шольц.

Олаф Шольц иҟаиҵаз аҳәамҭала, атәылантә адепортациа рзтәуп уа аанхара зин змам ахаҿқәа.