Олаф Шольц иажәақәа рыла, Молдовеи Қырҭтәылеи ишәарҭам атәылақәа рсиа иалалароуп
Германтәыла аканцлер Олаф Шольц иажәақәа рыла, Молдовеи Қырҭтәылеи ишәаҭам атәылақәа рсиа иалалароуп. Шольц ари ааицҳаит Германтәыла Ауаажәларратә дырраҭара аинтервиу аҿы.
Ажурналист Германтәыла аканцлеп азҵаара изықәиргылеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Ненси Феизер лыԥшьгара иазкны, аԥшьгара инақәыршәаре адепорт аҵасқәа дырџьабароуп. Шольц ари аԥшьгара дақәшаҳаҭхеит.
Олаф Шольц ишааицҳаз, Молдовеи Қырҭтәылеи ишәаҭам атәылақәас рызхаҵаразы иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟаҵатәуп.
Атәым тәылауаа ахыҵәахырҭа рыҭара апроцесс аҿы ишәарҭам атәыла астатус ихадароу инструментуп. Ишәарҭам атәылақәа ртәылауаа ахыҵәахырҭа аиуразы ашанс маҷқәа рымоуп.