Олаф Шольц - Евроеидгыла алшо Қырҭтәыла ҟанаҵоит алаларазы иаҭаху акритериқәа нанагӡарц
– Евроеидгыла алшо Қырҭтәыла ҟанаҵоит алаларазы иаҭаху акритериқәа нанагӡарц, – иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы даныҟәгылоз.
Олаф Шольц Актәи аканал ажурналист лызҵаара “Евроеидгыла аинтеграциа ахырхарҭала Германтәыла адгылара зеиԥшрахои, Қырҭтәылазы Германтәыла ароль зеиԥшрахои ҳәа” аҭак ҟаиҵеит.
“Раԥхьаӡа иргыланы, аполитикатә адгылара аҵак ду амоуп. Евроеидгыла алшо Қырҭтәыла ҟанаҵоит алаларазы ихымԥадоу акритериқәа нанагӡарц. Ари ҳара ашьаҭатәи ҳгәаанагароуп, акандидат тәыла акритериқәа нанагӡароуп. Ҳара Қырҭтәыла излаҳалшо ала ҳадгылоит азинтәи аполитикатәи уснагӡатәқәа нагӡахарц. Ари ада, аекономикатә аҿиара аперспективақәагьы аус адулатәуп, аполитикатә ус аҿы аҿиара ҳамоуп, уи арҭбаарагьы ҟалоит”, – иҳәеит Олаф Шольц.