Олаф Шольц – Балкантәи атәылақәа ҵыхәҧҵәарала Евроеидгылахь рыдкылара ҳҭахуп,  абри аҩызаҵәҟьа апланқәа ҳамоуп Молдовеи, Украинеи, насгьы, аперспективаҿ  - Қырҭтәылеи рзгьы
Олаф Шольц – Балкантәи атәылақәа ҵыхәҧҵәарала Евроеидгылахь рыдкылара ҳҭахуп,  абри аҩызаҵәҟьа апланқәа ҳамоуп Молдовеи, Украинеи, насгьы, аперспективаҿ  - Қырҭтәылеи рзгьы

Балкантәи атәылақәа ҵыхәҧҵәарала Евроеидгылахь рыдкылара ҳҭахуп,  абри аҩызаҵәҟьа апланқәа ҳамоуп Молдовеи, Украинеи, насгьы, аперспективаҿ  – Қырҭтәылеи рзгьы, – иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Европа аполитикатә аилазаара асаммит аҿы.

„Раҧхьа иргыланы, уи Евроеидгыла арҭбаара иадҳалоуп. Ҳара ибзианы иаадыруеит  ,  20 шықәсатәи ақәыргәыҕрақәа рышьҭахь ҳара Балкантәи атәылақәа ҵыхәҧҵәарала Евроеидгылахь рыдкылара шҳахәҭоу.  Абри аҩызаҵәҟьа апланқәа ҳамоуп Молдовеи, Украинеи, насгьы, аперспективаҿ  – Қырҭтәылеи рзгьы. Евроеидгыла акомиссарцәа ари ахырхарҭала хшыҩкрала аус руроуп. Шәара  аминистрра ҿыцқәа рхәыцрала аиҳабыра арҭбаара зшәылшом. Убри аҟынтә,  апрогмативтә аӡбара аҧшаара ҳақәшәоит. Ҳара, Германтәылаҿ, азҵаара ҳамоуп, ҳтәыла ду  Европарламентаҿ шаҟа ҭыҧ амоу“, – иҳәеит Олаф Шольц.