OECD иалоу атәылақәа ркредиттә шәарҭа акласификациаҿ Қырҭтәыла ареитинг еиӷьхеит
Аекономикатә усеицуреи аҿиареи реиҿкаара OECD иалоу атәылақәа ркредиттә шәарҭа акласификациа инақәыршәаны, 2024 шықәса жәабран инаркны Қырҭтәыла ашәарҭа ареитинг еиӷьхеит, – аарыцҳаит Афинансқәа рминистрра аҟынтә.
Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ареитинг OECD иалоу атәылақәа рофициалтә експорттә кредиттә агентрақәа рыхәшьарақәа шьаҭас аҭаны еиҿкаахоит.
“Ареитинг хықәкыс амоуп аекспорттә-кредиттә аиҿкаарақәа рзы атәыла арискқәа раарԥшра, рыхәшьараҭара“, – иануп аинформациа аҿы.