ОБСЕ ҧасатәи, уажәтәии, анеҩстәи ахантәаҩцәа азеиҧш аҳәамҭала иқәгылеит
ОБСЕ иалоу аҳәынҭқаррақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа 28-тәи реиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ОБСЕ ҧасатәи (Албаниа), уажәтәии (Швециа), анеҩстәи (Польшеи Аҩадатәи Македониеи) ахантәаҩцәа азеиҧш аҳәамҭала иқәгылеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.
«Адокумент аҿы иаҵшьны иазгәарҭеит ОБСЕ Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, иара убас, агәамҵра ду аадырҧшит Қырҭтәыла арегионқәа — Аҧсни Цхинвали/Аахыҵ Уаҧстәыла рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьа ахьеицәахаз иадҳәаланы.
Иара убас, дара иаҵшьны иазгәарҭеит ОБСЕ Женеватәи жәларбжьртәи аиҿцәажәарақәа ишрыдгыло, Европа Ахеилаки ЕАРи ирыцны ҳаҧхаьаҟагьы ари апроцесс алахәызаара ишазыхиоу. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан ахадаратә зҵаарақәа рҿы апрогресс ахымҧадара.
Адокумент авторцәа ганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟарҵеит амца аанкылара иазкны 2008 шықәсазы еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра ала иазҧхьагәаҭоу аҧхықәрақәа зыҧшра ҟамҵакәа инарыгӡарц.