ОБСЕ/БДИПЧ агендертә квотақәа раҧыхра иазку аихшьаала цәырнагеит. Ари атәы иануп Жәлар рыхьчара иинформациаҿы.
Уаҟа ишазгәаҭоу ала, Жәлар рыхьчаҩ иҳәара ашьаҭала, ОБСЕ/БДИПЧ иармазеит агендертә квотақәа раҧыхра иадҳәалоу аоргантә закәанқәа ирызку аиуристтә ажәахә.
Ажәахә ишану ала, Қырҭтәыла апарламент, сынтәа мшаҧы 4 рзы, ирццаку арежимла, иашьашәалоу азакәанпроектқәа аднакылеит, анеҩс, лаҵара 15 рзы, Қырҭтәыла ахада лхы иалырхәаз вето иаиааит.
«Аихшьаалаҿы ишазгәаҭоу ала, агендертә квотақәа раҧыхра ахымҧадара шьақәзырҕәҕәаша ашьаҭақәа иҟам.
Иара убас, аихшьаалаҿы апроцедуратә агхақәагьы иҟоуп, азакәанпроектқәа ирццаку арежимла ирыдыркылеит, ари азҵаара иазҿлымҳау аганқәа рыхәҭак ари апроцесс иалахәымызт.
Иара убас, аихшьаалаҿы шьаҭанкыла ирыхәаҧшит аполитикатәи ауаажәларратәи ҧсҭазаараҿы агендертә аиҟарара аиқәыршәара иазку жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа, иара убас, аконкреттә абжьаагарақәа ҟаҵоуп», — иануп аомбудсмен иинформациаҿы.