Оҭо Немсаӡе - Агәра ганы сыҟоуп дарбанызаалак ақырҭуа емигрантк ижьара шрылымшо
„Агәра ганы сыҟоуп дарбанызаалак ақырҭуа емигрантк ижьара шрылымшо“, – иҩит Евровидение ашәаҳәаратә конкурс аҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак Оҭо НЕмсаӡе асоциалтә аҳаҿы.
Ашәаҳәаҩ асоциалтә аҳаҿы аларҵәара зауз аинформациа далацәажәон. Аинформациа ианын Евровидение ашәаҳәаратә конкурс аҿы Қырҭтәыла ахьӡала Ҭамҭа Годуаӡе дықәгылоушәа, убри аҟынтә, ақырҭуа азгәыбылҩцәа аконкурс аҿы Оҭо Немсаӡе иакәымкуа, Кипр ахаҭарнак Ҭамҭа Годуаӡе лыдгылара рыхәҭоушәа.