Оҭар Шамугиа Шанхаи имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аимпорттә цәыргақәҵа дуӡӡа аартра ихы алаирхәит
Қырҭтәыла аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Оҭар Шамугиа Шанхаи имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аимпорттә цәыргақәҵа дуӡӡа China International Import Expo (CIIE) аартра ихы алаирхәит.
Ацәыргақәҵаҿы Қырҭтәыла аарҧшуп иакымкәа апавилионқәа рҿы.
«Китаитәи жәлартә республикеи Қырҭтәылеи қәҿиарала аус еицыруеит. Аҧыза-министр ивизитаан иара астратегиатә партниорра иазкны ицәыригаз аинициатива ҿыц ҷыдала иазгәаҭатәуп, избанзар, уи абзоурала ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара иаҳа ишьҭыҵит, ари апроцессаҿ зҵакы дуу ароль нарыгӡоит хазхаҭалатәи аилахәырақәа русуреи ринициативақәеи», — иҳәеит Оҭар Шамугиа.
Ацәыргақәҵа China International Import Expo (CIIE) иалахәып 40 раҟара ақырҭуа еилахәырақәа. Абри аҩыза алшара ҟалеит Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра агентра – «Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ» абзаоурала.
Шанхаи имҩаҧысуа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа дуӡӡа иалахәып 150 инареиҳаны аҳәынҭқаррақәа рделегациақәа. Ацәыргақәҵа рбоит 700 нызқьҩык раҟара аҭааҩцәа.