Оҭар Шамугиа  Робин Данниган дылҧылеит
Оҭар Шамугиа  Робин Данниган дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Оҭар Шамугиа Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Робин Данниган дылҧылеит.

Аминистрра адыррала,  аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи аусхкы аҿы ҩ-тәылак қәҿиарала русеицура иалацәажәеит.

Америка ацҳаражҳәаҩ  Робин Данниган Қырҭтәыла еврионтеграциа апроцессаҿ  ақәҿиарақәа азеиҕьалшьеит, лара ишылҳәаз ала, европатәи астандартақәа рзааигәахара амзызла имҩаҧгатәу аусураҿы Қырҭтәыла ацхраара дазыхиоуп.