Нукри Қарҭариа - Аиҭакрақәа нымҩаҧгатәу аамҭа ааит, уажәазы имҩаҧысуа апроцессқәа лабҿаба иаадырҧшит атәылаҿы апроблемақәа шырацәоу
Апараламенттә аиҳара алахәыла, Нукри Қанҭариа иҳәамҭала, иахьазы аҭагылазаашьа злаҟоу ала, аиҭакрақәа анымҩаҧгатәу аамҭа ааит ҳәа уҳәар ҟалоит.
Уи ишиҳәаз ала, аиҳабыратә ҧсахрақәа ирызкны акгьы издырӡом.
“Аиҳабыратә ҧсахрақәа ирызкны маӡала аӡәгьы акгьы саимҳәацт. Иҟарҵо аабап. Аиҳара лассы-лассы абри аҩыза аиҧыларақәа мҩаҧыргоит, иахьагьы еиҧылоит. Атәылаҿы имҩаҧысуа апроцессқәа иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, аиҭакрақәа анымҩаҧгатәу аамҭа ааит ҳәа сгәы иаанагоит. Арҭ апроцессқәа лабҿаба иаадырҧшит атәылаҿы апроблемақәа шырацәоу , ” – иҳәеит Нукри Қанҭариа.
Уи ишиҳәаз ала, иахьатәи аиҧылара далахәып апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Биӡина Иванишвили.
“Ақырҭуа гәахәтәы” аофис аҿы апарламенттә аиҳара реиҧылара иалагеит асааҭ 13:00 рзы.