Нона Гаҧриндашвили - Ауаажәларратә дырраҭара аколлектив ахыбра ҿыц аҿы иаҳа алшарақәеи, иаҳа еиҕьу ахаҭабзиареи, иаҳа ирацәаны апроектқәеи рымазаауеит ҳәа сгәы иаанагоит, ирыдысныҳәалоит
Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара уаанӡагьы ахыбра ҿыц амазар акәын, – илҳәеит ашахматасҩы Нона Гаҧриндашвили Қырҭтәыла Актәи аканал ахыбра ҿыц аартра ацеремониаҿы.
Лара лажәақәа рыла, ахыбра ҿыц аҿы аус зуа аколлектив иаҳа алшарақәа рымазаауеит.
„Даараӡа сеигәырҕьеит, Ауаажәларратә дырраҭара уаанӡагьы ахыбра ҿыц амазар акәын. Ауаажәларратә дырраҭара аколлектив ахыбра ҿыц аҿы иаҳа алшарақәеи, иаҳа еиҕьу ахаҭабзиареи, иаҳа ирацәаны апроектқәеи рымазаауеит ҳәа сгәы иаанагоит, ирыдысныҳәалоит“, – илҳәеит Нона Гаҧриндашвили.