Нино Ҵилосани - Зураб Ҷиаберашвили заанаҵы адырра ҳаиҭеит акциаҿ афаталтә хҭыс шыҟало атәы
“Амилаҭтә ҵысра” жәларбжьаратә маӡаныҟәгаҩ заанаҵы адырра ҳаиҭеит акциаҿ афаталтә хҭыс шыҟало атәы. Ари ихадароу фактуп, акциа алахылацәа арҭ ажәақәа рыхшыҩ азырышьҭроуп, – илҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Нино Ҵилосани “Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнак Зураб Ҷиаберашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.
„Акерман истратегиа инақәыршәаны “Амилаҭтә ҵысра” ирылшо зегь ҟарҵоит, Маидантәи ареволиуциа асценарии Акерман иинструкциақәеи рхы иадырхәоит. Азакәанхьчарҩцәа изларылшо ала акциа алахәылацәа рҟны аидкьыслара рҽаларгалаӡом. Арыцҳара ҟамларц азыазакәанхьчаҩҵәа апарламент ашҭаҿ игылан. “Амилаҭтә ҵысреи” ауааԥсыреи рахь ааԥҳьара ҟасҵоит, акциақәа рымҩаԥгаразы, акциақәа раан арыцҳара аԥырҟәҟәааразы аҭакԥхықәра рхахьы иргарц”, -илҳәеит Ҵилосани.