Нино Ҵилосани – Қырҭтәыла Урыстәыла арратә ацәгьаурақәа рыҭҵааразы ааҧхьара ҟазҵаз    38 ҳәынҭқарра иреиун  
Нино Ҵилосани – Қырҭтәыла Урыстәыла арратә ацәгьаурақәа рыҭҵааразы ааҧхьара ҟазҵаз    38 ҳәынҭқарра иреиун  

Қырҭтәыла апарламенттә аиҳара ахаҭарнак Нино Ҵилосани Урыстәыла ахада Владимир Путин изкны Гаагатәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара дахцәажәеит.

«Гаагатәи аӡбарҭа иацтәи ақәҵара аилыхара ду ахылҵит, аха, аӡәгьы игәалаимшәеит Қырҭтәыла Урыстәыла арратә ацәгьаурақәа рыҭҵааразы ааҧхьара ҟазҵаз 38 ҳәынҭқаррақәа ишреиуз   (Молдова ари ааҧхьара иалахәымызт).  Зыӡбахәы ҳәоу аордер ари аусеилыргарагьы иабзоуроуп.  Ишаҧу ала, арадикалтә оппозициагьы ари атемала ахәаахәҭра иаҿуп», — илҩит  Нино Ҵилосани.

Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа Урыстәыла ахада Владимир Путин ибаандаҩтәразы аордер ҭнажьит. Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа аӡбаҩцәа рықәҵарала, Урыстәыла ахада Украина аҵакырадгьылаҿ арратә ацәгьаурақәа рыҟаҵаразы гәҩарас дрымоуп.