Нино Ҵилосани – Аҳәаанырцәтәи политикцәа рхатә интересқәа, алобизм, ма иршәаз аҧара иашьашәаланы, иҳақәнагам аҳәамҭақәа ҟарҵоит, ҳара уи ҳашьцылахьеит
Аҳәаанырцәтәи политикцәа рхатә интересқәа, алобизм, ма иршәаз аҧара иашьашәаланы, иҳақәнагам аҳәамҭақәа ҟарҵоит, ҳара уи ҳашьцылахьеит, – илҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Нино Ҵилосани.
Ҵилосани америкатә Сенат алахәылацәа Џьин Шаҳини Роџьер Уикери иҟарҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.
„Шаҳини лколлегацәеи ибзиаӡаны ирбоит Дональд Трамп изакәанқәа ирыдҳәаланы адәахьы идәылҵыз ауаа гәымбылџьбарала ишрызныҟәо, ишбаандаҩыртәуа, аха, ҳара убасҵәҟьа аныҟаҳҵо акритика ҳзыруеит, адемократиа ҳаҿагылоушәа рҳәоит. Ҳәарада, абри аҩыза аҳәамҭақәа ииашам. Аҳәаанырцәтәи политикцәа рхатә интересқәа, алобизм, ма иршәаз аҧара иашьашәаланы, иҳақәнагам аҳәамҭақәа ҟарҵоит, ҳара уи ҳашьцылахьеит. Уажәгьы абри аҩызаҵәҟьа афакт ҟалеит ҳәа сгәы иаанагоит“, – илҳәеит Нино Ҵилосани Актәи аканал аинтервиу аналҭоз.